Аҳәынҭқарратә ҳазалахратә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа адырра ҟаиҵеит сынтәа 35 нызқь тонн инарзынаԥшуа аҽаҩра шыҟало азы, ари ҵыԥхтәи ашықәс азы (38,5 нызқь тонн) аасҭа маҷк ишеиҵоу.
Уи иажәақәа рыла, еиҳа лыҵшәа аманы аусеицуразы ацитрустәқәа рекспорт иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы урыстәылатәи аколлегацәа алархәны аилацәажәарақәа жәпакы шазԥхьагәаҭоу.
Аҳәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгаҩы Тамила Мерцхәылааԥҳа аилацәажәара иалахәыз адырра рылҭеит ААП ацитрустә ҽаҩра аҭиразы анаплакҩцәа ацхыраара рыҭаразы имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа ртәы.
Имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы иалацәажәеит иара убас Астандартқәеи, ахархәаратәи, атехникатәи хылаԥшразы аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа, ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Артуш Сарибекиан, Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Омар Ҵәыџьба.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан иазгәеиҭеит анхацәа аҳәынҭқарратә ҳәааҟны официалла ишьақәыргылоу ашәатәқәа иреиҳаны ашәара шыддыршәо.
Аилацәажәара аихшьала ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:
«Анхацәеи егьырҭ аекспортмҩангаҩцәеи аҳәааҟны «иофициалтәым» ашәатәқәа аныршәоз аамҭақәа ииасроуп. Аҳазалахратә Еилакы, аҳәынҭстандарт, аҵиаақәа ринспекциа аусзуҩцәа ашәатәқәа Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәаз аҳәаа иҭагӡаны илырхлароуп, арахь Аҳәаахьчаратә маҵзурақәагьы налаҵаны.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура адҵа асҭоит ари анапынҵа еиламгакәа аиагара иахылаԥшларц. Анхаацәа изакәанымкәа ашәахтәқәа рыршәара афактқәа аныҟала, аилагара ҟазҵаз аусзуҩгьы, уи дызҵазкуа аусбарҭа анапхгаҩгьы аҭакԥхықәра рыдҵахоит.
Ари аҭагылазаашьа хаҭала сара сахылаԥшлоит».