Print this page
08.Жьҭаара.2025

Аԥсны аихамҩақәеи амашьынамҩақәеи реихысырҭақәа раартреи раркреи аԥҟарақәа шьақәырӷәӷәоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Релазаара аҿы Аԥсны аихамҩақәеи амашьынамҩақәеи реихысырҭақәа раартреи раркреи рзы аамҭалатәи аԥҟарақәа шьақәырӷәӷәоуп.

Иарбоу аусшәҟәы ишьақәнаргылоит — атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рзы ашәарҭара аԥызҵоу, иара убас дәыӷбамҩала акы амҩангара ашәарҭара иҭазыргыло зинда ахысра алызмыршо аԥҟарақәа.

Ирыдыркылаз аусмҩаԥгатәқәа амашьынамҩақәеи аихамҩақәеи реихысырҭақәа рхылаԥшра еиӷьнатәуеит, ашәарҭарақәа рырмаҷра иацхраауеит.

 


Read 15 times - Ахәаша, 10 Жьҭаара 2025 18:55