Print this page
09.Жьҭаара.2025

Амҩа-транспорттә машәыр иақәшәаз атуристцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы амедицинатә цхыраара рырҭоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчал араион Аҟармара аҳабла азааигәара амҩа-транспорттә машәыр иақәшәаз фҩык атуристцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы ихымԥадатәиу амедицинатә цхыраара рырҭоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра.  

Ҩыџьа ироуз ааха уадаҩӡам, егьырҭ рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аӡәы аоперациа изыруеит, егьырҭ иназыцҵоу амедицинатә гәаҭара иахрыжьуеит.

Амҩа-транспорттә машәыр иақәшәаз ауаа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара роуит Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аҿы.


Read 112 times - Ахәаша, 10 Жьҭаара 2025 16:08