Print this page
09.Жьҭаара.2025

Урыстәылатәи атуристка Ҭҟәарчал араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс аҿы дҭахеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи атуристка Ҭҟәарчал араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс аҿы дҭахеит.

Авариа ҟалеит  Аҟармара аҳабла аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

«Амашәыртә хҭыс азы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь адырра ҟалеит асааҭ 12:48 рзы. Аиқәырхаҩцәа иаразнак амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь идәықәлеит.  Урҭ зыҵауалара 50-метр рҟынӡа инаӡоз  аҩхаа аҟынтәи ишьҭырхит х-ҩык ааха зауз ауаа, иҭахаз туристкак  лыԥсыбаҩгьы уахь иналаҵаны. Ԥшьҩык рхала ихалеит», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.

Ааха зауз зегьы Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭахь инагоуп.


Read 118 times - Ахәаша, 10 Жьҭаара 2025 16:09