Print this page
08.Жьҭаара.2025

2025 шықәсазы ацитрусттә шәырқәа рҽаҩразы аахәаратә хәыԥсақәа шьақәыргылоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2025 шықәсазы ацитрусттә шәырқәа рҽаҩра аизгареи аахәаратә хәыԥсақәа рышьақәыргылареи рзы ақәҵара рыдыркылеит.   

Ишьақәыргылоуп 2025 шықәсазы ацитрусттә шәырқәа рҽаҩразы абарҭ еиҵаӡоу аахәаратә хәыԥсақәа:

– 45 мааҭ 1 кьылак  амандаринеи апаҭырқали рзы;

– 42 мааҭ 1 кьылак  алимон азы;

– 10 мааҭ 1 кьылак истандартым ашәырқәа рзы.

Ақыҭанхамҩа аминистрреи араионқәа рхадарақәеи 2025 шықәсазы ацитрусттә шәырқәа рҽаҩра ианаамҭоу реингалареи ауааԥсыреи аҳәынҭқарратә наплакқәеи рыла рыҭиреи рзы ихымԥадатиу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы адҵа рыҭоуп.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы есымчыбжьа ииагаз ацитрусттә шәырқәеи егьырҭ ашәырқәеи рзы адырра аминистрцәа Релазаара ахь анашьҭразы анапынҵа аҭоуп.

Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра аҭаразы аҭакԥхықәра адҵоуп ақыҭанхамҩа Аминистрра.


Read 21 times