Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба.
«Аԥсны шәбара ҳаигәырӷьоит! Бзиала шәаабеит! Шәара ҳтәыла шәаҩызцәаны шәыҟоуп, изныкымкәагьы шәаахьеит. Ҳара ҩаԥхьа арахь шәаара гәахәарыла иҳадаҳкылоит. Урыстәылатәи Афедерациа иҳанаҭо ацхыраара ахә ашьара уадаҩуп. Урыстәыла есымша аиашареи аҵабырги иадгылон, ҳаргьы уи адгылара ахаангьы иаҳныруан. Ҳаизыҟазаашьақәа, ахәҭакахьала ҳтәылақәа рпарламентқәа рдепутатцәа рыбжьара аимадара есымша аԥхарра аҵан. Шәара иахьа ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны акзаара» Аизараду шәахьалахәхо ҳара ҳаизааигәара ҩаԥхьа иарҵабыргуеит, ҳтәылақәа рыжәларқәа реизҳазыӷьаразы аусеицура ҳшазхьоу, хра злоу аизыҟазаашьақәа рзы ҳшаарту аанарԥшуеит», — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
«Ҳара Аԥсныҟа ҳаареи аполитикатә партиа «Аԥсны акзаара» Аизараду ҳалахәхареи апартиақәа реизааигәареи ракзаареи арҵабыргуеит. Ҳара хра злоу аҿиаразы аусеицура ҳазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Карелин.
«Акультуратәи адоуҳатәи аимадарақәа, иара убас аҵарадырра аусхкы аҿы аусеицура ирыбзоураны, атәылақәа иуникалу рхаҭашьара еиқәдырхоит, аҿиарагьы алдыршоит. Арҭ аԥшьгарақәа аидгылареи аиҩызареи рыла ишьаҭарку жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара шалшо зырҵабырго хра злоу ҿырԥшны иҟалоит», - ҳәа илҳәеит Светлана Журова.