Иарбоу аноминациа аҿы аиааира агаразы еицлабуан Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟынтәи актрисацәа жәпаҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Ольга Кабо, Марина Кондратиева, уҳәа егьырҭ еицырдыруа актрисацәа.
Ирина Делба ас еиԥш зхыԥша дуу афестиваль аҿы ихадоу аноминациақәа руак аҿы илгаз аиааира – Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр мацара аихьӡараны иҟаӡам, уи Аԥсны атеатралтә ҟазара зегьы азы еихьӡара дуны иҟалеит.
Апрофессионалтә драматә театрқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль-конкурс «Камерата» аҭоурых 1992 шықәса раахыс ихацыркуп. Афестиваль жәларбжьаратәи ҳәа астатус шьақәнарӷәӷәахьеит, уи алахәылацәа ргеографиа – еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы – Европа инаркны Аладатәи Африка аҟынӡа инаӡон. Ажиури аилазаараҿы иҟоуп авторитет змоу атеатр аспециалистцәеи акритикцәеи, алахәылацәа ракәзар – Урыстәылеи адунеи иреиӷьу атеатрқәа. Уи зегьы «Камерата» мҽхакыла иҭбаау, акыр зҵазкуа, Урыстәылатәи Афедерациа анҭыҵ еицырдыруа форумны иҟанаҵоит.