Print this page
вчера 8:06

Абнатә фонд адгьылқәа егьырҭ акатегориақәа рахь рыиагаразы ашәатәқәа мҩаԥгахоит аиуристтә хаҿқәа рыла еиԥш хазхаҭалатәи ахаҿқәагьы рыла.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара абнатә фонд адгьылқәа егьырҭ акатегориақәа рахь аиагараан абнанхамҩатә усура ацәыӡқәа рышьақәыргыларазы ақәҵара аиҭакрақәа аланагалеит. Ақәҵара 2012 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз аԥҟарақәа арҿыцуеит.  

Иҿыцу аиҭакрақәа инарықәыршәаны, аусшәҟәы апункт 6 шьҭарнахыс иалагалоуп хазхаҭалатәи ахаҿқәа ирызку ацҵа.

Абнатә фонд адгьылқәа егьырҭ акатегориақәа рахь рыиагаразы ашәатәқәа мҩаԥгахоит аиуристтә хаҿқәа рыла еиԥш хазхаҭалатәи ахаҿқәагьы рыла. Урҭ ареспубликатә биуџьет ахь иалагалахоит.

Адгьылтә хәҭақәа категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь рыиагаразы ашәатәы алагалара азиншьақәыргыларатә усшәҟәқәа рыҭаразы ихымԥадатәиу ҭагылазаашьаны иҟоуп.

Аҟәа ақалақьи араионқәеи рхадарақәа адҵа рыҭоуп иақәнагоу ашәатәы амҩаԥгарада аусшәҟәқәа рыҭара аанкылареи адгьылхәҭақәа категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь рыиагаразы адырра аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь анашьҭреи.

Абнатә нхамҩазы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа ашәатәқәа рымҩаԥгара ахылаԥшра анаҭалоит, иара убас убри азы адырра араионқәа рхадарақәа рахь рынашьҭра алнаршалоит.

Иарбоу аиҭакрақәа ареспублика аҿы иҟоу адгьылтә ресурсқәа еффективла аҳәаақәҵареи ахылаԥшра арӷәӷәареи иазырхоуп.


Read 120 times