Print this page
вчера 9:49

Аԥсны артиллериатә ҟәшеиҵақәа арратә хысрақәа зцу адәытә арратә зыҟаҵарақәа ирхысуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арбџьармчқәа планла иазԥхьагәаҭаз артиллериатә хәҭақәеи аҟәшеиҵақәеи арратә хысрақәа зцу рдәытә зыҟаҵарақәа ирылагеит.  Аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит аҵаратә план инақәыршәаны жьҭаарамза 7 – 18,  2025 шықәса рзы.  

Арратә зыҟаҵарақәа рнапхгаҩы, аполковник Андреи Лиубовски иҟаиҵаз адыррақәа рыла, арратә зыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – артиллеристцәа рырратә зыҟаҵареи рырратә ԥышәеи рыҩаӡара ашьҭыхра. Аҟәшеиҵақәа еиуеиԥшым арратә еидысларақәа рҿы аӷа иҿагыларазы арратә уснагӡатәқәа еимгаеимцарала рынагӡаразы аԥышәа роуеит.  

Ҷыдала ахшыҩзышьҭара аҭахоит акомандаҟаҵаҩцәа аҟәшеиҵақәа рышьақәыргылара аиҿкаареи аибашьратә уснагӡатәқәа рыпланркреи, ахысра анапхгараҭареи азеиԥшарратә хәҭақәа рыбжьара аусеицуреи аимадареи реиқәыршәара, уҳәа рзы адыррақәа рыиура.

Арратә зыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит азеиԥшарратә хысырҭа «Ҵабал» аҿы. Урҭ хыркәшахоит арратә хысрақәа зцу атактикатә зыҟаҵарақәа рыла. Арратә хәҭақәеи аҟәшеиҵақәеи есымшатәи рдислокациа апунктқәа рахь ианыхынҳәлак ашьҭахь имҩаԥгаз арратә зыҟаҵарақәа реихшьаалақәа ҟаҵахоит.

 


Read 84 times - Ахаша, 08 Жьҭаара 2025 18:36