Print this page
05.Жьҭаара.2025

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба аԥснытәи арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара  – Апарламент Ахантәаҩы Лаша Ашәба арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

 

Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа!

 

Аԥсны Жәлар Реизара  – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа!

Арҵаҩы иусура – аҟәыӷареи, агәыҭбаареи, ахәыҷқәа рыбзиабареи улзыршо баҩхатәраны иҟоуп,  Шәара, ҳтәыла аԥеиԥш аусхыр азышьҭазҵо, Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ҳаҭыр ақәызҵо, адыррақәеи аихьӡарақәеи хықәкыс измоу атәылауаа реиҵааӡара шәнапы иануп. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳҳәынҭқарра аҿиараҟны аҵак ду змоу шәлагаламҭа.

Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәзанааҭ шәазыҟазаашьазы. Ҷыдала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит зымч, зылша иамеигӡоз, иахьа аԥсуа школ атрадициақәа еиқәырханы иаазго арҵаҩцәа-аветеранцәа.

Аԥсны Жәлар Реизара  – Апарламент  зыда ԥсыхәа ԥсыхәа ыҟам аҭагылазаашьақәа раԥҵара иацхраалоит шәааԥсара изыԥсоу ахәшьара аиурц азы, ҳреспублика ашколқәа ҳаамҭазтәи адыррақәа ирцентрны иҟаларц азы.

Ишәзеиӷьасшьоит, агәабзиара, арҿиаратә еихьӡарақәа, анасыԥ!


Read 132 times - Ашәахьа, 06 Жьҭаара 2025 13:15