Print this page
03.Жьҭаара.2025

Қырҭтәыла атәылауаҩ ашпионаж азы дыгәҩароуп ҳәа дааныркылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа Қырҭтәыла азы ашпионтә уснагӡатәқәа мҩаԥигоит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны Шьашьыкәара ақыҭан дааныркылеит Қырҭтәыла атәылауаҩ Хизанишвили Шьалуа Давид-иԥа.

Иаанкылаз ахаҵа иҩнаҿы имҩаԥгаз агәаҭарақәа раан иԥшаан х-шәақьк, уи иацу аџьаԥҳаны, иара убас афатә-ажәтә зҭаз арратә арҭмаҟ, қырҭтәылатәи ахаҭара шьақәзыргыло аусшәҟәы, аԥаратә хархәагақәеи қырҭтәылатәи абанктә хсаалагақәеи.  

Иҩны иаду аҵакыра аҿы алаҭра аҩныҵҟа иԥшаан арҭҟәацга згәылаз аилаҳәара.

Шьалуа Хизанишвили иҿцәажәараан Қырҭтәыла иҷыдоу амаҵзурақәа дышрымадаз шьақәирӷәӷәеит.

Шьалуа Хизанишвили Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә  хәҭақәа руак авидеоҭыхра мҩаԥигон. Уи азы иара аԥара изыршәеит.  

Хизанишвили Шьалуа Давид-иԥа иганахьала аусеилыргара хацыркуп.


Read 64 times - Асабша, 04 Жьҭаара 2025 20:25