Аԥснытәи афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы, амузыкадырҩы Есма Џьениа иашазгәалҭаз ала, апрограмма амузыкатә ныҟәара аҳасабала ишьақәыргылан: XIX ашәышықәса иатәу европатәи аопера ашедеврқәа рҟынтәи амилаҭтә рҿиамҭақәеи ҳаамҭазтәи мрагыларатәи амузыкеи рҟынӡа.
Апрограмма иҷыдоу асасны дҟалеит жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат, Узбекьысҭантәи апанинорҳәаҩы Феруза Мухамедова.