Print this page
02.Жьҭаара.2025

Уаҵәтәи амш аԥхьагылаҩцәа, мамзаргьы ақәҿиарақәа уоурц азы иҟаҵатәузеи, дыррақәас иумазар ахәҭои.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Азанааҭхырхарҭатә усмҩаԥгатә «Уаҵәтәи амш аԥхьагылаҩцәа, мамзаргьы ақәҿиарақәа уоурц азы иҟаҵатәузеи, дыррақәас иумазар ахәҭои» жьҭаарамза 2 – 3 рзы жәларбжьаратәи апроект «Урыстәылатәи анџьныртә школ» аҳәаақәа ирҭагӡаны Гал ақалақь аҿы иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра иаанартыз иназыцҵоу аҵарадырра Ацентр аҿы имҩаԥыслоит.

«Ирласны иҟало аиҭакрақәа раамҭа азы акырӡа аанагоит ахатә занааҭтә мҩа ииашаны алхра. Убри азы ауп Урыстәылатәи анџьныртә школ мҽхакыҭбаала азанааҭхырхарҭатә усмҩаԥгатәқәа зымҩаԥнаго. Урҭ ашколхәыҷқәа ԥхьаҟатәи анаукеи атехникеи ихадоу ахырхарҭақәа деиллыркаара иазырхоуп. Апрограмма алахәылацәа ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рдунеи рҽагәылархалеит, араҟа доусы ихазы иҷыдоу џьара акыр аԥшаара илшеит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны иҟоу Аурыс ҩны апресс-релиз аҿы.

Анаука иԥхьагылоу ахырхарҭақәа

  • Иԥсабаратәым аинтеллект аԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа рҿы иҿыцу алаԥшҳәаақәа аанартуеит. Алахәылацәа еиларкааит Иԥсабаратәым аинтелект ҳакәша-мыкәша иҟоу адунеи шаԥсахуа, уи еиҳа иҟәышны, аеффективра аланы ишыҟанаҵо атәы.
  • Абиотехнологцәа амедицина, ақыҭанхамҩеи аекологиеи рҿы ихадоу азҵаарақәа рыӡбаразы аиннновациатә знеишьақәа рыдгалара мҩаԥыргеит. Ашколхәыҷқәа иарбоу аусхкқәа рҿы аҵыхәтәантәи аихьӡарақәа рзы адырра роуит.
  • Акосмостә ҭҵаарақәа алахәылацәа акыр иазҿлымҳахеит Амза, Марс ахь аперспективатә миссиақәа, астрофизикеи иҿыцӡоу акосмосттә технологиақәеи рҿы аҵыхәтәантәи аартрақәа ирызку ажәабжьқәа рыла.
  • Ессаира зҽеиҭазкуа аенергетика ҳапланета ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шьақәзыргыло иҭышәынтәалоу аҿиареи екологиала ицқьоу атехнологиақәеи рытрендқәа аанарԥшит.

Апрактикатә шьаҭа

Аҭҵааҩ қәыԥшцәа рзы аҟазара-аклассқәа рымҩаԥгара. Апрограммақәа «Схемотехника и микроэлектроника», «Азбука программирования» аҳәаақәа ирҭагӡаны ашколхәыҷқәа алшара роуит:

  • Ацифратә технологиақәа рышьаҭақәа реилкаара;
  • Апрограммаҟаҵараҿы аҽԥышәара;
  • Ухатә проектқәа раԥҵара;
  • Ҳаамҭазтәи ашьақәыргылагақәа аус шыруа аилкаара.

Аҿиара аперспективақәа

Урыстәылатәи анџьныртә школ — ари аҵаратә платформа адагьы, ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу аамҭеи иахьатәи аамҭеи еимаздо цҳаны иҟоуп. Араҟа рҽеидыркылоит анаукеи атехникеи рыԥхьагылацәа разыҟаҵаразы урыстәылатәи аҵарадырра иреиӷьу апрактикақәеи аинновациатә методикақәеи.

Апроект аҟыбаҩ злоу аҿар адгылара рыҭареи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа рҿы адагьы урҭ рынҭыҵгьы анџьныртә потенциал аҿиареи иазырхоуп.

Аҭҵааҩцәа ҿарацәа раԥхьаҟа азанааҭтә компетенциақәа рышьақәыргылареи қәҿиарала акариера аҟаҵаразы ашьаҭа акреи  рҿы ирыцхраауа хыԥхьаӡара рацәала аинтерес зҵоу аҽазыҟаҵарақәа рзыԥшуп. 

Урыстәылатәи анџьныртә школ асаит: http://rish-school.ru

 

 

 

 


Read 182 times