Print this page
01.Жьҭаара.2025

Агумаитартә ҭҵаарақәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Институти Урыстәыла аҭҵаара-дырратә центрқәа хәбеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Д. Гәлиа ихьӡ зху Агумаитартә ҭҵаарақәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Институт XII Аҭоурыхдырҩцәа-кавказҭҵааҩцәа жәларбжьаратәи рфорум «Кавказ ажәларқәа XVIII–XXI ашә.-қәа рзы: аҭоурых, аполитика, акультура» аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла аҭҵаара-дырратә центрқәа хәба аус рыцуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥнагеит.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:  

  • У.Д. Алиев ихьӡ зху Ҟарачы-Черқьесстәи а университет;
  • Чечентәи Ареспублика Анаукақәа Ракадемиа агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут;
  • Ч.Е. Ахриев ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа рзы Ингуштәи аҭҵаара-дырратә Институт;
  • Афедералтә аҭҵаарадырратә Центр «Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Уралтәи аҟәша Коми Анаукатә центр» («Коми Научный центр Уральского отделения РАН");
  • Ставропольтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт.

Аиқәшаҳаҭрақәа аганқәа рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргылара, аҳәаақәа рырҭбаара, рыҿиареи рырӷәӷәареи иазырхоуп. 

Аусеицура ихадоу хырхарҭақәаны иҟалоит: 

  • археологиатә, аетнографиатә, аҭоурыхтә, афилологиатә (алингвистика, афольклористика, алитературадырра) хырхарҭақәа рыла анаука-ҭҵааратә аусеицура;
  • анаукатә информациа, апубликациақәа, аматериалқәеи адыррақәеи рыла аимадара абжьаҵара;
  • астатиақәа, ажәахәқәеи егьырҭ анаукақәа усумҭақәеи аганқәа рпериодикатә кьыԥхь аҿы аҭыжьра;
  • анаука-практикатә конференциақәа, астол гьежьқәа, асеминарқәа, уҳәа аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи;
  • аганқәа русзуҩцәа рзы археологиатә, аетнографиатә, аҭоурыхтә, афилологиатә, уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рыла рыквалификациа ашьҭыхразы апрограммақәа реиҿкаара.

XII Афорум Аҭоурыхдырҩцәа-кавказҭҵааҩцәа жәларбжьаратәи рфорум «Кавказ ажәларқәа XVIII–XXI ашә.-қәа рзы: аҭоурых, аполитика, акультура» аусура  жьҭаарамза 4, 2025 шықәса рҟынӡа имҩаԥыслоит.


Read 157 times - Ахәаша, 03 Жьҭаара 2025 13:09