Print this page
30.Цәыббра.2025

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои ҳаамҭазтәи ахәытәы хәмарырҭа ашҭа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои ҳаамҭазтәи ахәытәы хәмарырҭа ашҭа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын.

Аобиект ргыланы аҳҭнықалақь ҳамҭас ианаҭеит урыстәылатәи Атомтә енергиа иазку аҳәынҭқарратә корпорациа «Урысатом» асоциалтә аԥшьгарақәа рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны. 

Ашҭа еиқәыршәоуп ҳаамҭазтәи ишәарҭадам ахәарратә маҭәахәлы, еиуеиԥшым ақәра змоу ахәыҷқәа ирзынархоуп.

Ахәыҷтәы инфраструктура Аԥсни Урыстәылеи русеицура ахырхарҭа хадақәа ируакуп.


Read 134 times