«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа! Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, Акыр иаԥсоу Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, аруаа, асасцәа, Апарад алахәылацәа!
Сара сзы насыԥ дууп иахьа абра Урыстәыла Ахада, Адҵаҟаҵаҩ ихьӡала адныҳәалара аԥхьара.
***
«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа! Ҳаҭыр зқәу Аԥсны атәылауаа! Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәаларақәа шәыдышәкыл! Ари аныҳәа ахьыԥшымразы, имариамыз ақәԥараҟны ахы иақәиҭны анхаразы азин ахьчара зылшаз Аԥсны жәлар ргәымшәареи иаадырԥшыз ахачҳареи ртәы аҳәоит.
Ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аидгылареи астратегиатә ҟазшьа змоу аусеицуреи қәҿиарала аҿиара иаҿуп. Агәра згоит аринахысгьы ахырхарҭақәа зегь рыла лыҵшәа змоу аусеицура аизырҳара шҳалшо.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи ақәҿиарақәеи, ареспублика атәылауаа – аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аизҳазыӷьареи.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин».