Print this page
12.Жьҭаара.2022

ИНАЛ АРӠЫНБА АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ДИԤЫЛЕИТ

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 11 рзы адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Инал Арӡынбеи Михаил Шургалини аҩганктәи аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Аганқәа аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи иазкны хра злоу аусура ацҵаразы агәыӷра аадырԥшит. 


Read 611 times - Ахаша, 12 Жьҭаара 2022 15:29