32 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсуа ар аибашьцәа аҳәаа иаԥну Егры аӡиас аҟынӡа инаӡаны, уаҟа аԥсуа бираҟ ахадыргылеит. 413 мши-ҵхи ицоз ари ашьаарҵәыратә еибашьра Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа атәыла ралцарала ихыркәшахеит. Ареспублика аҿы иҟамзар ҟалап ҭаацәаракгьы ари аныҳәа гәырӷьара дула иахьазгәарымҭо.
Ари амш аамҭак ала агәырӷьареи алаӷырӡи зцу ныҳәа дууп. Уи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра ахыркәшара амш ҳәа Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит.
Цәыббрамза, 1993 шықәсазы Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараан аиҿагылара ӷәӷәақәа мҩаԥысуан инеиԥынкыланы 12 мшы. Мҩадуцыԥхьаӡа, ҩныцыԥхьаӡа, абжьаларҭақәа, ахыбрақәа, уҳәа, шьаҿа-шьаҿала аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭхон. Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара. Аҵыхәтәаны, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын. Аҟәа аӷа даламкәа аҭарцәра иаанагоз Аԥсны аӷа далцоуп акәын! Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа! Иаанхаз хымш рыла аӷа дыԥхаҵан шьҭахьҟа. Арҭ ажәыларақәа раан уааԥсылеи техникалеи акыр ацәыӡ зауз аӷа ирхәҭақәа макьаназы аоккупациа зызуз Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа араионқәа рҿы еффективла аҽагылара амҩаԥгара алымшо иалагеит.
Цәыббрамза 28 рзы Гәылрыԥшьи Очамчыреи рҳәаа иаԥну Кәыдры аӡиас ацҳаҿы еиԥылеит Аԥсны Мрагыларатәии Мраҭашәаратәии афронтқәа рырхәҭақәа. Цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалыҩ иҟынтәи зынӡа ахы иақәиҭхеит.
Ари амш аҽны агәалашәаратә, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы имҩаԥыслоит.