Аҭоубашьҭаҵара — заԥхьаҟа амилициа аҿы аус зураны иҟоу дарбанызаалак изы акыр зҵазкуа хҭысуп. Абри ахҭыс ашьҭахь акурсант ауаажәларратә шәарҭадара аиқәыршәареи ацәгьоурақәа рҿагылареи рус аҿы аҳәынҭқарратә мчра ахаҭарнак иҭакԥхықәра идҵахоит.
Акурсантцәа дрыдлныҳәалеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут. Уи акурсантцәа ирыдиныҳәалеит ари акыр зҵазкуа ашьаҿа, ирзеиӷьаишьеит агәеицамкра, ламысла, хьыӡла-ԥшала иалырхыз амҩа анысра.
Ажәлари Аԥсадгьыли Азакәани рымаҵ ауразы аҭоуба анышьҭеиҵа ашьҭахь, акурсант аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа азин наӡа змоу усзуҩны дыԥхьаӡахоит. Шьҭарнахыс иҳараку ахьӡ – амилициа аусзуҩ иаԥсаны иҟоу иавторитети ипрестижи зыдҳәалахо уи ихымҩаԥгашьеи изанааҭдырреи роуп.