Print this page
вчера 0:08

Аԥсны атуризм Аминистрреи Нижегородтәи аобласти атуризм аусхкы аҿы аусеицуразы агәҭакқәа рзы амеморандум рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы атуризм аусхкы аҿы аусеицуразы агәҭакқәа рзы амеморандум рнапы аҵарҩит Аԥсны атуризм Аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Нижегородтәи аобласт атуризми анаплакрақәеи Рминистрреи.

Амеморандум рнапы аҵарҩит аминистрцәа Асҭамыр Логәуеи Сергеи Иаковлеви.

Аганқәа ркомпетенциақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны абарҭ ауснагӡатәқәа нарыгӡалоит:

  • Атуризм аусхкы аҿы аусеицура арҿиареи арӷәӷәареи;
  • Атуризм аусхкы ҳәаақәызҵо азакәанԥҵаратәии егьырҭ анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рзы аинформациала аимадара абжьаҵара;
  • атуристтә маҵзурақәа рхаҭабзиара ашьҭыхра иреиӷьу аԥышәеи апрактикақәеи, иара убас атуризм аусхкы аҿы аиҿкаарақәа русура аҳәаақәҵара аԥышәеи  рыла аимадара абжьаҵара;  
  • Аусеицура аҿиара хықәкыс иҟаҵаны аганқәа зегьы ртуристтә индустриа асубиектқәа рыбжьара аимадара абжьаҵара.

Сергеи Иаковлев бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо, Асҭамыр Логәуа иҳәеит:

«Даараӡа сеигәырӷьоит аԥсуа дгьыл аҿы шәбара. Сгәы иаанагоит мышқәак рыла збара шәахьӡаз ыҟоуп ҳәа. Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылоит асасцәа зегьы рделегациақәа, аиҳарак Аԥсны мҽхакы ҭбаала ацхыраара азҭо Нижни Новгород аделегациа…  200 - ҩык иреиҵамкәа астудентцәа 15 шықәса рыла Нижни Новгород адгьыл аҿы аҵара рҵеит, урҭ иахьа ҳтәыла аҿиара рлагала аларҵоит».

Асҭамыр Логәуа иахьа знапаҵыҩра мҩаԥгаз амеморандум, убасҵәҟьа Аԥсни Нижни Новгороди рыбжьара аусеицуреи аҩганк рзы феида злоу аизыҟазаашьақәеи рыҿиара ишацхраауа агәра ганы дшыҟоу азгәеиҭеит.  

Сергеи Иаковлев аԥхара зҵаз адкыларазы иҭабуп иҳәеит.

«Ҳара аиҩызара адагьы, еизааигәоу уаауп, еизааигәоу жәларқәоуп. Убри азы ҳкультурақәа рҿы иаԥуп еизааигәоу ауаа аицхыраареи аидгылареи рыбжьазаара. Ҳара ҳхықәкқәа рынагӡараҿы ҳаицхыраауазароуп, ҳаидгылозароуп. Атуризм – шәтәыла аекономика хадара злоу хәҭаны иҟоуп, уи ҳтәылақәа рекономикақәеи рбиуџьетқәеи рзы акыр зҵазкуа аекономикатә компонентны иҟоуп», – ҳәа иҳәеит Сергеи Иаковлев.

 

 

 

 

 

 


Read 65 times