Атурнир аҿы аиааира игеит Ҭемыр Шанаа (ақ.Очамчыра), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Роланд Бигәаа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Игорь Мрыхин (ақ. Краснодар).
Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Сергеи Миносиан (ақ.Очамчыра), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Иури Побочин (ақ. Москва), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Леонид Пак (ақ. Гагра).
Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Армен Топчиани (Гәылрыԥшь аҳабла) Сарида Лакәатааԥҳаи (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп - Георги Георгиани (ақ. Гагра) Сариа Лакобеи (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп - Петрос Казанџьиани (ақ. Гагра) Лана Гәынбеи (ақ. Гәдоуҭа).
Аԥхьахәқәа згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьахеит.
Атурнир мҩаԥысит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа адгыларала.