Print this page
вчера 12:37

Дамир Кәыҵниа апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵаразы адгалара ҟаҵоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр  Агрба Жәлар Реизара-Апарламент ашҟа –аҳәынҭқарратә аиустициа 3 акласс абжьгаҩ Кәыҵниа Дамир Ганнади-иԥа апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵара азы адгалара наишьҭит.

Кәыҵниа Дамир Ганнади-иԥа диит мшаԥымза 11, 1979 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭан.

1996 шықәсазы далгеит аҟәатәи абжьаратәи ашкол  № 19.

1996  шықәсазы дҭалеит Омск ақалақь аҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Академиа, уи  2000 шықәсазы «азиндырра» азанааҭ ала далгеит.

Дамир Кәыҵниа апрокуратура аусбарҭақәа рҿы аус иуеит ажьырныҳәамза 2001 шықәса инаркны.

01.01.2001 шықәсазы астажиор иаҳасабала Гәылрыԥшь араион апрокуратура аусеилыргаҩы имаҵураҭыԥ аҿы дарҭеит.

28.01.2002 шықәсазы Гәылрыԥшь араион апрокуратура аусеилыргаҩыс дҟаҵан.

07.09.2004 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада Аусеилыргаратә усбарҭа аусеилыргаҩ еиҳабыс дҟаҵан.

19.04.2006  шықәсазы Апрокуратура Хада Аусеилыргаратә усбарҭа аҷыдалкаатә усқәа рзы аусеилыргаҩыс дҟаҵан.

17.09.2008 шықәсазы Апрокуратура Хада Аусеилыргаратә усбарҭа апрокурорс дҟаҵан.

29.12.2011 шықәсазы Апрокуратура Хада Аусеилыргаратә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.

25.07.2012 шықәсазы Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵарала апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.

28.01.2015 шықәсазы Гәылрыԥшь араион апрокурорс дҟаҵан.

14.02.2014 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аусеилыргаратә комитет ахантәаҩы Идҵа №44-кца/п инақәыршәаны УА Аусеилыргаратә комитет амедал «Ацхыраара азы» («За содействие») ианашьахеит.

13.03.2020 шықәса инаркны 13.03.2025 шықәсанӡа Жәлар Реизара-Апарламент ақәҵарала апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада мшаԥымза 13, 2023 шықәсазы иҭижьыз Аусԥҟа №l27 инақәыршәаны  «Аҳәынҭқарратә аиустициа 3 акласс абжьгаҩ» ҳәа  акласстә чын  ианашьахеит.

 

 

 

 


Read 142 times