«Акресла «вальтеровски» ҳәа изышьҭоу астиль ала «алымҳақәа» аҭаны инагӡоуп. Изларҳәо ала, ас еиԥш иҟоу акреслақәа бзиа ибон Даур, сара уи азы мацара ахҟьа ҟасҵеит. Мазаҟәаль акәалап, уи иара азы - арбаӷь Арсен аӷьычразы ихымԥадатәиу акамуфлиаж ауп. Аԥсаркәты аԥшрала даҽаџьара ахьарԥшра иазкын», – ҳәа еиҭеиҳәеит аскульптор.
Архип Лабахәуа, иарбоу арт-обиект аус анадиулоз, Даур Занҭариа илитературатә метод ианыԥшыз ифилософиа аарԥшра иҽазишәон. Уи аскульптор ихаҭа аекзистенциалист Альбер Камиу иазхеиҵоз абсурд афилософиа иаҿирԥшуеит.
«Ауаҩы иҟазаара абсурдуп ҳәа иазгәазҭоз Альбер Камиу даагозар, усҟан, сара сгәаанагарала Даур Занҭариа акыр еиҳа днаскьеит. Иара аҟазаарала ахдырра аҳәаақәҵара, аҟазаара амаӡа адуӡӡара зегьи еиликаауан, уи аҭҵаара аҽазышәарадагьы, иара уи амагиатә реализм ацхыраарала дахцәажәон, иааирԥшуан. Ҳара ҳаскульптура ари аилкаара азнагара иуникалу ашәҟәыҩҩы истиль ала аперсонажцәа раарԥшрала аҽазнашәоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Архип Лабахәуа. Уи иара убас Даур Занҭариа ирҿиара иазку аскульптуратә проектқәа аус рыдуларазы имоу азԥхьагәаҭарақәа дрылацәажәеит.
Абаҟа Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Резо Занҭариа иаԥшьгарала, иара убас ихарџь ала, аресторан «Нарҭаа» аҿаԥхьа игылоу апальма ду аҵаҟа игьежьу ашәҭран аҿы ишьақәыргылоуп.
Арт-обиект аофициалла аартра мҩаԥгахоит жьҭаарамза 1, асааҭ 16:00 рзы.