Аҳәынҭқарра Ахада Аиааира ду Аныҳәа аламҭалазы имҩаԥысыз ари аусмҩаԥгатә хаҭала иҽалаирхәит, иамоу аҵак ду азгәаҭаны.
Аҳәынҭқарра Ахада иаԥшьгара адгылара арҭеит, иагьеиҿыркааит «Аԥсны Акоманда» алахәылацәа, иара убас араионқәа зегьы рхадацәеи аусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәеи.
Аҳәынҭқарра Ахадеи Ахада Иусбарҭа аусзуҩцәеи аԥшаҳәа иаԥну апарк дрыцқьон.
«Аилыргаратә усмҩаԥгатә – Аныҳәа ду аламҭалазы ҳакзаара, ҳтәыла иҵегьы арԥшӡаразы иҳамоу агәазыҳәара аныԥшит», –ҳәа иаҵшьны иҳәеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада аҭакԥхықәреи Аԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабареи аарԥшны, аилыргаратә усмҩаԥгатә ахь ицәырҵыз, аусмҩаԥгатә зҽалазырхәыз атәылауаа зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.