Print this page
26.Цәыббра.2025

Бадра Гәынба аҵаралашаратә марафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа» дрыдныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба раԥхьаӡакәны Аԥсны иаатыз аҵаралашаратә марафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа» далахәын.Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Бадра Гәынба аҵаралашаратә марафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа» дрыдныҳәало иахьа Аԥсны имҩаԥсыуа ахҭыс аҵак ду амоуп – раԥхьаӡакәны ҳтәыла иаднакылоит аҵаралашаратә марафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа ҳәа иазгәеиҭеит.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иҳәеит:

 

«Ҳаҭыр зқәу асасцәа, акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Иахьа Аԥсны имҩаԥсыуа ахҭыс аҵак ду амоуп – раԥхьаӡакәны ҳтәыла иаднакылоит аҵаралашаратә марафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа»!

Аҟәа зымҽхак дуу ари ахҭыс ахьымҩаԥысуа аҭыԥқа ируакны иахьыҟалаз. Абра, Аҟәатәи  афизика-техническом институт аҟны аус руан асоветтә атомтә ҭҵаарадырраҟны злагаламҭа дуу иналукааша аҵарауаа.

Атомтә ааглыхра 80 шықәса ахыҵра иазку иахьатәи амарафон Аԥсни Урыстәылеи ирзеиԥшу аҵараиуратә проектуп ҳҳәар ҟалоит. Уи ҳҿар рзы алшара ҿыцқәа аанартуеит. Иахьа адыррақәеи атехнологиақәеи атәылақәа рԥеиԥш анырра анарҭо аамҭа ҳҭагылоуп. Уажәы даҽа аамҭанык иеиԥшымкәа, аҿар иеилыркаауазароуп: дара аԥеиԥш знапы иану.

Уажәнатә ҳашколқәа рыҟны иаатуа иалагахьеит атомклассқәа, ара аҵаҩцәа адыррақәа роуеит анџьнырра, аҵарауаа, аԥсҭазаара ҿыц аԥҵара гәҭакыс измоу.

Гәык ала сеигәырӷьоит Аԥсны атәылауаа ҿарацәа амарафон аҽалархәразы, алекциақәа рзыӡырҩразы, иналукааша аҵарауаа, акультуреи аспорти русзуҩцәа, анаплакҩцәа рыҽцәажәаразы алшара ахьроуз

Иахьа Москва иаатуа 30-ҩык рыла ишьақәгылоу Аԥснытәи аделегациа алахәуп амарафон «Адырра. Аԥхьагылаҩцәа». Ауаажәларра «Адырра» ашҟа иҭабуп ҳәа сҳәарц сҭахуп ҳҿар абас зҵакы дуу аҵараиуратә форум аҽалархәразы ааԥхьара ахьрырҭаз азы. 

Иҭабуп ҳәа расҳәоит Ауаажәларра «Адырреи» Аҳәынҭкорпорациа «Росатоми» Урыстәылеи Аԥсни рҵараиуратәи ркультуратәи еимадарақәа рырӷәӷәара иацхраауа амарафон Аԥсны ахьымҩаԥырго азы.

Амарафон иалахәу зегьы ирзеиӷьасшьоит аинтерес зҵоу аиԥыларақәа, адыррақәа, аартра ҿыцқәа».

Сынтәа амарафон Урыстәыла атомтә ааглыхра 80 шықәса ахыҵра иазкуп. Амарафон Аԥсны амҩаԥгара ареспублика аҵара Аминистрра ақәыршаҳаҭны имҩаԥгоу усмҩаԥгатәуп, уи аԥснытәи аҿар жәларбжьаратәи аҵарадырратә проектқәа рахь ринтеграциа азы иҿыцу алшарақәа рзаԥнаҵоит.

 

 

 


Read 37 times - Амҽыша, 28 Цәыббра 2025 10:51