Print this page
вчера 0:07

Аҟәатәи ашха аҿы иҿыцу Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәдыргылеит, иҭахаз аибашьцәа рбаҟа акәша-мыкәша еилдыргеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш аламҭалазы ажәлар рҿы афуникулиор ҳәа изышьҭоу Аҟәатәи ашьха аҿы иҿыцу Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәдыргылеит, иҭахаз аибашьцәа рбаҟа акәша-мыкәша еилдыргеит.

Аԥсуа ар ахәҭақәак аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа амҩаԥгараан Аҟәатәи ашьха ала идәықәлеит. Аԥсуа еибашьцәа аӡәырҩы Аҟәа ақалақь уахьналалоз  иҭахеит, мышқәак рышьҭахь иҟалаз, акыр иззыԥшыз Аиааира Амш аҟынӡа изымнеикәа.

Араҟа ишьақәыргылоуп аҩбатәи абригада 2-тәи абаталиони 2-тәи арезервтә баталиоони аибашьцәа рбаҟа.  

Арахь, есышықәса, Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш аҽны афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц ихалоит аҳҭнықалақь Ахадара анапхгараҭара ахаҭарнакцәеи аветеранцәеи.


Read 108 times