Print this page
11.Жьҭаара.2022

РОЛАНД ЏЬОЏЬУЕИ ФАНАРБЕИ ҲАШЫГИ ИЗААМҬАНЫТӘИУ АРРАТӘ ХЬЫӠҚӘА РАНАШЬАХЕИТ. АБХ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа аԥҵоижьҭеи 30-шықәса аҵра инамаданы имҩаԥысыз аныҳәатә еилатәараҿы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа изаамҭанытәиу арратә хьыӡқәа ранеишьеит атәылахьчара Аминистрра аусзуҩцәа гәыԥҩык.

Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, изаамҭанытәиу арратә хьӡы «аполковник» ианашьоуп аподполковник атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, арратә морал-психологиатә зыҟаҵара аусбарҭа анапхгаҩы – Џьоџьуа Роланд Владимир-иԥа.

Иара убас изаамҭанытәиу арратә хьӡы «аполковник» ианашьахеит  аподполковник Ҳашыг Фанарбеи Иван-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра авициатә гәыԥ акомандаҟаҵаҩ.  

 

 

 


Read 459 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 23:41