Ҩы-шықәса рахь знык имҩаԥысуа аусмҩаԥгатә акерамика, аба, уҳәа уахь иналаҵаны анапҟазарақәа рыхкқәа зегьы амҽханакуеит. Сынтәа еиқәыршәахеит 22 цәыргақәҵа. Ихадоу ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит 16 тәыла рҟынтәи 140-ҩык инарзынаԥшуа аҟазацәа рнапы иҵыҵыз 300 инареиҳаны аусумҭақәа.
«Сара иахьа насыԥ сыман аиҿкааҩцәа рааԥхьарала ацәыргақәҵа Чонджу Крафт Биеннале 2025 аҭаара. Ари акыр зымҽхак ҭбаау усмҩаԥгатәуп. Ари агәазҭазаара ду узҭо ԥышәоуп, уи анырра ӷәӷәоуп!» - ҳәа иҳәеит акультура аминистр Даур Ақаҩба.