Print this page
25.Цәыббра.2025

Цәыббрамза 20 рзы Пицунда амшын иагаз урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лыԥшаара иаҿуп.

Аҟәа. Цәыббрамза. 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа Петербургынтәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааны иҟаз, цәыббрамза 20 рзы Пицунда амшын иагаз Улиана Коновалова  лыԥшаара иаҿуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра апресс-маҵзура.

«Аԥсеиқәырхаҩцәа аӡымҽхаки аԥшаҳәа аҵакыреи аиҳарак гәарҭеит, аха аӡы иагаз лыԥшаара залмыршахеит иахьа уажәраанӡа. Иҟалаз ахҭыс азы адырра рыҭоуп аҭыԥантәи ауааԥсыреи ааигәа-сигәа иҟоу асасааирҭақәа рнапхгараҭареи», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.  

Аԥшаарақәа ирыцҵахоит, ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит аиқәырхаратә хылаԥшырҭа аҿы.


Read 79 times