Print this page
25.Цәыббра.2025

Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба архәҭатә гәыԥқәа «Мрагылареи» «Мраҭашәареи» алархәны, ҩ-ганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рҽырзыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы Адҵа ҟаиҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба архәҭатә гәыԥқәа «Мрагылареи» «Мраҭашәареи» алархәны, ҩ-ганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рҽырзыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы Адҵа ҟаиҵеит.

Аҳәынҭқарра Ахада идҵақәа

– Ишьақәырӷәӷәоу Ахықәкы хада инақәыршәаны иазԥхьагәаҭоу аҿҳәара иҭагӡаны имҩаԥгазааит архәҭатә гәыԥқәа «Мрагылареи» «Мраҭашәареи» алархәны, ҩ-ганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа. 

– Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәи аусбарҭақәа ацхыраара рыҭара аиҿкаара  амобилизаиатә зҵаарақәеи аҵакырадгьылтә хыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рыҟны, азыҟаҵарақәа раан урҭ русура ахылаԥшра амҩаԥгара.

– Атәылахьчара аминистри Арбџьармчқәа рыштаб Хада Аиҳаби:

  • архәҭақәа разыҟаҵара иацҵаны амҩаԥгара;
  • арҵара-еибашьратә уснагӡатәқәа рыӡбаразы азхәыцралатәи адыргақәа рышьақәыргылара, иара убас урҭ рыԥкрақәа. Ҷыдала хшыҩзышьҭра рыҭазааит Пилотда аԥырра аппаратқәа рхархәара изқәиҭыԥ аҭыԥқәа рыҟны, иара убас ирыхьчо аобиектқәа ирзааигәаны.
  • оператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рылҵшәақәа анализ рзура, атәыла хьчара аҽазыҟаҵаразы лыҵшәа змоу ауснагӡатәқәа ирызку, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа изызку ауснагӡатәқәа рынагӡара разыҟаҵара, иара убас амобилизациа аиҿкаареи аҵакырадгьылтә хьчареи рзы ажәалагалақәа разырхиара.
  • 2025 шықәса абҵарамза 10-нӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара ахеилак аилатәараҟны инаганы ахцәажәара;
  • аибашьра аамҭа иаҵанакуа апланқәа нхарҭәааны араионқәа рҵакырадгьылтә хьчара штабқәа, рымчқәа радԥхьалара;
  • архәҭақәа, амчқәа, азыҟаҵара-еибашьратә уснагӡатәқәа рҽырзыҟаҵара иазку ахархәагақәа апрактикаҟны русура ахысырҭақәа рыҟны аибашьратә хысрақәа рымҩаԥгарала.

– Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, Аԥсны Аҳәынҭқарра  аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыратә еимадара аусбарҭа адиректор:

  • хаҭала азыҟаҵарақәа ирылахәзааит иааныркыло амаҵзурақәа инарықәыршәаны;
  • рнапаҵаҟа иҟоу амчқәеи аусбарҭақәеи аҽазыҟаҵарақәа раан разыҟаҵара еиҿыркааит;

– Аҽазыҟаҵарақәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рнапхгара:

  • архәҭақәа, амчқәа, ахархәагақәа имҩаԥырго апрактикатә усқәа раан ашәарҭадара аԥҟарақәа рықәныҟәара алдыршааит;
  • жәлар рынхамҩа аобиектқәеи атәылауаа рхазхаҭалатәи ахатәреи аԥхасҭа рыҭара алдмыршааит;
  • администрациақәа рхадацәа архәҭақәа, амчқәа, ахархәагақәа гәыԥ-гәыԥ рҽеихшара ахырхарҭақәа ақәдыршаҳаҭааит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рколоннақәа рыцныҟәара алыршаны.

 

 

 

 

 

 


Read 137 times - Ахәаша, 26 Цәыббра 2025 11:55