Аилатәара иара убас ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба.
Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит арҭ аусмҩаԥгатәқәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи максималла ҭакԥхықәрала ишрызнеитәу атәы.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Арбџьармчқәа реибашьралшара изаамҭанытәиу аҭагылазаашьеи аматериал-техникатә еиқәыршәара азҵаарақәеи.
Аилатәара аихшьаалақәа рыла Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара арратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭахра, архәҭақәа рнапхгараҭара асистема аиӷьтәра, иара убас архәҭақәа рхыдҵақәа зегьы қәҿиарала рынагӡара алыршаразы иахәҭоу зегьы рыла реиқәыршәара иазкны анапынҵақәа риҭеит.