Print this page
вчера 1:49

Аԥсны атрансфер амашьынарныҟәцаҩцәа имҩаԥыргаз агәыҳалалратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа 370 нызықь мааҭ рырҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атрансфер амашьынарныҟәцаҩцәа реилазаареи «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Аԥсны анацәа рхеидкылеи  еиҿыркааз агәыҳалалратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа 370 нызықь мааҭ рырҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Очамчыра информ».

Аилазаара алахәылацәа ируаӡәку Беслан Мацапиа иажәақәа рыла, акциа абар шьҭа хәышықәсоуп имҩаԥысуеижьҭеи. Сынтәа уи  1992 – 1993 шш. рзы хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа ацхыраара рыҭара иазырхоуп.  

«Ҳара Очамчыра араион аиланхарҭатә пунктқәа зегьы рахьыгӡара, иара убас зыуацәа хабарда ибжьаӡыз рхыԥхьаӡараҿы иҟоу аҭаацәа адгылареи ацхыраареи рыҭара ҳҽазаҳшәоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Акциа амҩаԥысра ашықәсқәа зегьы рыҩныҵҟа еизгаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 4,6 млн. мааҭ  еиҳауп.   

Аусмҩаԥгатә атуризм Аминистрреи Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәшеи иҟарҵаз адгыларала имҩаԥысит.


Read 117 times - Аҩаша, 23 Цәыббра 2025 14:37