Print this page
20.Цәыббра.2025

Урыстәылатәи аспециалистцәа Аԥсны аихамҩатә туннельқәа рҭагылазаашьа гәарҭоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аекспертцәа Гагра араион аҿы иҟоу аихамҩатә туннель №9 агәаҭараан ихьанҭоу аԥхасҭахара ҳәа акгьы аадмырԥшӡеит.  Абри азы Sputnik-Аԥсны ахь адырра ҟаиҵеит АУН «Аԥснытәи Аихамҩа» анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.

Атуннель аҭагылазаашьа агәаҭара иазкыз аусурақәа мҩаԥыргеит Москватәи адиагностика ацентр аҭҵааратә станциа аусзуҩцәа. Урҭ иҳаҩсыз амчыбжь азы иҟарҵаз алкаа аԥснытәи рколлегацәа ирырҭеит.

Леонид Ҟәыруа иажәақәа рыла, аспециалистцәа еиуеиԥшым аҟазшьа змоу  60 инарзынаԥшуа адефектқәа аадырԥшит, аха урҭ рахьынтә акгьы ӷәӷәала ашәарҭара аҵаны иҟаӡам. Убри инамаданы, атуннель аусура аанкылара азҵаара ықәгылаӡам.

Урыстәылатәи аекспертцәа иара убас  атуннель ахархәаразы иаанхаз аамҭа аҩныҵҟатәи ахәҭа азы 30 шықәса иреиҵаӡам, адәахьтәи аҭаларатәи аҭыҵратәи ахәҭақәа рзы –  60 шықәса иреиҵаӡам ҳәа ишьақәдыргылеит.

Леонид Ҟәыруа, урыстәылатәи аспециалистцәа ашьарсҭақәеи аҵҟьақәеи гәарҭеит, абетон аӷәӷәара еилыркааит, атепловизор ала зыҩаӡара ҳараку ацәаакыра ахьҟоу аҭыԥқәа раалкаара, иааизакны аихамҩатә бжьысырҭақәа рҭагылазаашьа агәаҭарақәа, иара убас егьырҭ атехникатә ҭҵаарақәагьы мҩаԥыргеит.

Ироуз абжьгарақәа рҭак аҳасабла, Аԥснытәи аихамҩа хара имгакәа иҟоу апроблемақәа рырҽеиразы аусурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәанаҭоит. Аҳәаанырцәтәи аспециалистцәеи атехникеи аҭахханы иҟалозар, усҟан аԥсуа ган урыстәылатәи рколлегацәа рахь ацхырааразы аҳәара ҟарҵоит.

АУН «Аԥсны Аихамҩа» анџьныр хада Леонид Ҟәыруа иажәақәа рыла, иарбоу аусура хықәкыс иамоуп – аныҟәареи апассаџьарцәа рыиагареи ашәарҭадара ашьақәыргылара. 

918 метра рҟынӡа инаӡо атуннель  №9 дыргылеит 1941 шықәсазы, убри нахыс уаҟа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥырымгаӡацт. Аԥсны зынӡа аихамҩатә туннельқәа 10 ыҟоуп, иааизакны урҭ роура 11 километр рҟынӡа инаӡоит. Аԥснытәи Аихамҩақәеи Урыстәылатәи Аихамҩақәеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аобиектқәа зегьы етап-етапла иҭҵаахоит. https://sputnik-abkhazia.ru/20250920/1057667719.html 


Read 76 times