Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент – ари зусура аҳәынҭқарразаара арӷәӷәара, амилаҭтә шәарҭадара аиқәыршәареи атәылауаа рыбзанхареи иазырхоу азакәанԥҵаратә усбарҭоуп. Алхратә закәанԥҵара аиҭакра азҵаарақәа мариаӡам, уи апопулисттә ҳәамҭақәа рыҟаҵара акәымкәа, ганрацәалатәи аҟазшьа змоу, ишәа-иза, аексперттә знеишьа зҭаху усуп. Иарбанызаалак ареформақәа хазы игоу аполитикатә гәыԥқәа ринтерессқәа рӡыргара акәымкәа, аҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи аԥсуа жәлар зегьы ринтересқәа рыхьчареи иазырхазароуп», – ҳәа иаҳәоит Аԥсны иреиҳау азакәанԥҵаратә усбарҭа апресс-маҵзура аҳәамҭа аҿы.
Аиаша иацәыхароуп иара убас адепутатцәа иарбоу ареформа аҿы рзинмчы аҽҳәара ацҵара азы ашәарҭара ацны ирбоит ҳәа аҳәамҭақәагьы.
«Аԥхьа иргыланы ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоу – ажәлар рымаҵ ауреи ринтерессқәа рыхьчареи ауп. Ҳара адемократиатә институтқәа зырӷәӷәо, насгьы атәылауаа алхратә процессқәа рахь рыгәрагара шьҭызхуа иарбанызаалак аиҭакрақәа ҳрызхиоуп. Ҳара адиалоги ауаажәларра аконструктивтә мчрақәа зегьы рҟынтәи амилаҭтә интерессқәа ҳасаб азурала анагӡара зылшо ихшыҩрку ажәалагалақәеи рзы ҳаартуп», - ҳәа аҳәоит аҳәамҭа аҿы.
Жәлар Реизара-Апарламент ауаажәларра-политикатә процесс алахәылацәа зегьы рахь аҭакԥхықәра аарԥшреи аимак-аиҿак зырҿио, Аԥсны жәлар закәанна иалырхыз аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа равторитет ҵызшәаауа аҳәамҭақәа рҽацәырыхьчаларц ааԥхьара ҟанаҵоит. Прочитано 2 раз.
Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/17299-parlament-gotov-k-lyubym-izmeneniyam-kotorye-ukrepyat-demokraticheskie-instituty-i-povysyat-doverie-grazhdan-k-vybornym-protsessam.
© АПСНЫПРЕСС.