Азакәан апоект иазԥхьагәанаҭоит есымзатәи атәанчаратә шәатәқәа рышәагаа 2000 мааҭ рыла ашьҭыхра абарҭ акатегориақәа рзы:
«Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ зыхҵоу атәанчаҩцәа;
Леон иорден занашьоу атәанчаҩцәа;
«Агәымшәаразы» амедаль занашьоу атәанчаҩцәа;
Ари ауснагӡатә анагӡара иаҵанакуеит 2420-ҩык ауаа. Иацҵаны аԥаратә хархәагақәа рҭахра иартәоит мызкы 4 840 000 мааҭ, шықәсык — 58 080 000 мааҭ.
Иара убас иазԥхьагәаҭоуп есымзатәи атәанчаратә шәатәқәа рышәагаа 1000 мааҭ рыла ашьҭыхра абарҭ акатегориақәа рзы:
– 1992- 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа I, II, III агәыԥ иаҵанакуа;
– 1992- 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рҭаацәа;
– 1992- 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны зыԥсҭазаара иалҵыз аинвалидцәа рҭаацәа;
– Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчараан 1993 шықәса жьҭаарамза инаркны 1994 шықәса ԥхынҷкәынмза рыбжьара иҭахаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рҭаацәа.
Ари ауснагӡатә иаҵанакуеит 5010-ҩык ауаа. Иацҵаны аԥаратә хархәагақәа рҭахра иартәоит мызкы 5 010 000 мааҭ, шықәсык — 60 120 000 мааҭ.
Атәанчахәы ашьҭыхра иаҵанакуеит аибашьратә хҭысқәа, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа раан, иара убас аибашьратә ааԥхьарақәа раан ааха, ахәра, аконтузиа, агра, мамзаргьы ачымазара зауз, арезервистцәа, аибашьратә хҭысқәа, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа, иара убас аибашьратә ааԥхьарақәа раан иҭахаз аус зуа арезерв еилазаара аҭаацәарақәа.
Иазгәаҭоу асоциалтә уснагӡатә иаҵанакуеит 338-ҩык ауаа. Иацҵаны аԥаратә хархәагақәа рҭахра иартәоит шықәсык 4 056 000 мааҭ.
Аҳәынҭқарра Ахада иаԥшьгара иазԥхьагәанаҭоит аррамаҵзурауаҩ иҭаацәа ирылахәу аусура злымшо дҭахар мамзаргьы иԥсҭазаара далҵыр аррамаҵзура данахысуаз, мамзаргьы имаҵзураҟнытә ихы данақәиҭтәха ашьҭахь хымз ҵаанӡа иԥсҭазаара далҵзар, иара убас аррамаҵзура анагӡара инадҳәаланы агра зуз аррамаҵзураа.
Аҳәынҭқарра Ахада инаишьҭыз Азакәан апроект инақәыршәаны атәанчахәқәа рышьҭыхра иааизакны иаҵанакуеит 7 884 –ҩык ауаа.
Азакәанапроект анагӡаразы иаҭаху иацҵаны аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш мҽхакы иартәоит 10 269 200 мааҭ мызкы, 123 230 400 мааҭ шықәсык. Ахарџьқәа рзы афинансзоужьра мҩаԥгахоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәанчаратә фонд ахарџьқәа рыла.
Азакәанапроект азырхиан Аԥсны Аиҳабыра ала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 2025 шықәса нанҳәамза 27 аҟнытә инапынҵақәа рынагӡаразы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент ахь иалаигалаз азакәанапроект ала иазԥхьагәаҭоуп хаҭалатәи атәанчахәы зауа атәылауаа ртәанчахәқәа рышәагаа ашьҭыхра. Азакәан апроект иаҵанакуеит уи зауа 106 - ҩык ауаа. Иацҵаны аԥаратә хархәагақәа рҭахра иартәоит шықәсык 1 378 000 мааҭ.