Print this page
сегодня 19:33

Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа афонд Ксениа Тараканова лусумҭақәа хәба ацлеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа аҿы иҟалаз абылра ашьҭахь урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ Ксениа Тараканова, афонд аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара аҭара гәҭакыс иҟаҵаны, зегьы раԥхьаӡа лусумҭақәа хәба: «Аԥхынтәи агәалаҟазаара» («Летнее настроение» ), «Амшын аҿықәан аԥсшьара» («Отдых у моря»), «Акипарисқәа раллеиа» («Кипарисовая аллея»), «Ақәыԥшра»(«Юность»), иара убас «Абстракциа» («Абстракция») афонд ҳамҭаз иалҭеит.

«Сгәы азхьааӡом сусумҭақәеи сареи ҳахьеиԥырҵуа, уимоу, сара еиҳагьы сусумҭақәа ҳамҭас аҭара сазхиоуп. Сара даараӡа сгәы иаахәоит сусумҭақәа сара даара бзиа избо атәыла Аԥсны иахьҟало», - ҳәа лгәаанагара лҳәеит асахьаҭыхыҩ Ксениа Тараканова.  

Дхәыҷы аахыс дызҭаауаз Аԥсны илнаҭаз агәазҭазаарала иҭыхыз аусумҭақәа ирныԥшуеит амшыни акипарисқәеи зну апеизажқәа, иара убас асериа «Атеатр» аҟынтәи «Ақәыԥшра» («Юность») ҳәа хьӡыс изауз амонохромтә усумҭа ҿыц. Агалереиа адиректор Сурам Сақаниа иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу аҳамҭақәа рыбзоурала агалереиа аколлекциа активла ахарҭәаара иаҿуп.  Афонд зынӡа ҳамҭас иаҭан 60 сахьа.


Read 44 times