Print this page
сегодня 18:10

Аҟәа ақалақь Ахадара Ажәытә ҳабла аҿы анхамҩатә усурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәанаҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь ахада инапынҵала Ажәытә ҳабла аҿы аҳҭнықалақь Ахадара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәыз анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥысит.

Аилацәажәара иалахәыз амшцәгьақәа раан аҩнеихагылақәа рхыбрақәа ақәа акылсра, аҵлақәа реилыхра, амҩақәеи ашҭақәеи рҟынтәи агәам-сам ақәгара, уҳәа азҵаарақәа ирзааҭгылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

«Иааиуа амчыбжь инаркны «Ақалақь аиқәыршәазаара» Наӡаӡе лымҩеи аҩнеихагылақәа ирыҵанакуа ашҭақәеи рҿы шьаҭанкыла агәам-сам ақәгара, Ешба имҩеи Наӡаӡеи лымҩеи рҿы аҵлақәа реилыхра иалагоит. Иара убас ирылацәажәеит аҩналарҭақәа, акоммуникациақәа рҭагылазаашьа. Ҳара Ажәытә ҳабла иарбоу апроблемақәа рыӡбараҿы ҳацхраалоит», – ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.

Аилацәара иалахәыз Ажәытә ҳаблеи аҳабла Ҿыци ишиашоу атранспорт абжьаҵара авариантқәагьы ирыхәаԥшит.

«Аҳабла Ҿыци Ажәытә ҳаблеи еимаздо амаршрутқәак азԥхьагәҭан. Ари азҵаара аӡбара нап аҳаркуеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Константин Ҭарба.

Ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа Наӡаӡе имҩала игылоу аҩнеихагылақәа ирыҵанакуа адәқәа рҿы идыргылараны иҟоу ахәыҷтәы хәмарырҭақәа. ҩба аҿарҵеит.


Read 26 times - Ахаша, 17 Цәыббра 2025 13:49