Print this page
вчера 21:12

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Урыстәыла Ахада Иадминистрациа ахаҭарнакцәа идикылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Урыстәыла Ахада Иусбарҭа  ахаҭарнакцәа идикылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аиԥылараҟны ирылацәажәеит аҿар руаажәларра-патриоттә ааӡареи аветеранцәа адгылара рыҭаразы аԥышәеимдареи русхк аҟны аусеицура иазку азҵаарақәа.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Ахада Иусбарҭа Агуманитартә политика аусбарҭа аиҳабы    Виктор Бебиеи ИАО аветеран, урыстәылатәи Агәымшәара Аорден занашьоу Аҩӡба Алиаси.

Павел Рыжинскии Александр Уриупини Аԥсны рыҟазаараан иазԥхьагәарҭеит Аԥсны араионқәа рҭаара, Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟақәа рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, аветерантә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рԥылара.

 

 


Read 22 times