Print this page
12.Цәыббра.2025

2025 шықәса аамзы рыла афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара аҩаӡара 48,6% рҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аенергетикатә шәарҭадареи изакәанымкәа афымцаҳақәа рҽаҿаԥшьра аҿагылареи рзы ареспубликатә штаб аилатәара  мҩаԥысит аминистрцәа Реилазаара аҿы.  Аилатәара мҩаԥигеит атәыла аԥыза-министр Владлимир Делба.

Аилатәара аартуа, Владимир Делба ари аиԥылара аенергетикатә шәарҭадареи изакәанымкәа афымцаҳақәа рҽаҿаԥшьра аҿагылареи рзы ареспубликатә штаб ирҿыцу аилазаара аусура иазкхоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Аҳәынҭқарра Ахада иқәҵарала аштаб аилазаара ҿыц ишьақәырӷәӷәоуп. Ҳусура ихадоу ахырхарҭақәа ҳрылацәажәар сҭахын, иарбан лҵшәақәоу раарԥшра зылшахьоу, афымцаԥхьаӡагақәа рықәыргылара рымҩаԥысшьа, уҳәа хадара злоу азҵаарақәа. Ҳара иаадыруеит, уажәы аԥышәаратә проект анагӡара ишалагаз. Афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара шԥамҩаԥысуеи, амаининг еиқәыршәагақәа рыԥшаареи рымхреи иазку аусура шԥацо?» – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба акриптовалиута арҳара иазку 259 цыра аппаратқәа ашықәс алагара инаркны цәыббрамза 10 рҟынӡа Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәа рыла иԥшаахеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Арҭ аиқәыршәагақәа зегьы аамҭала аҵәахразы ашьҭаҵарҭақәа рахь инагоуп. Уаанӡа зымхра мҩаԥгаз аппаратқәа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, иааизакны иахьатәи амш азы ашьҭаҵарҭа аҿы иҟоуп 4385 цыра рҟынӡа.  

Сынтәа имҩаԥгаз аусура алҵшәақәа рыла, аӡбарҭа ахь инашьҭуп иаарԥшыз аилагарақәа рыла ишьақәыргылаз  13 рҟынӡа аматериалқәа.

«Иабоу азҵаара аҵакы ахадара ҳасаб азуны, амаининг аҿагылара ахылаԥшырҭақәа жәпакы, раԥхьа иргыланы азинхьчаратә усбарҭақәа инарыгӡоит».

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рыла 2025 шықәсазы иаарԥшны ирымхын 456 цыра аппаратқәа.

«Урҭ зегьы убасҵәҟьа зыхьчара иаҿу ашьҭаҵарҭақәа рҿы аамҭала ишьҭоуп, уи ашьҭахь анаҩстәи апроцедурақәа рынагӡареи аӡбаратә инстанциақәа рахь аматериалқәа рдәықәҵареи рзы  Аҳәынҭстандарт ахь ииагахоит», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа ашықәс алагара инаркны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы азинхьчаратә ҟәшеиҵақәа рыла административтә зинеилагарақәа рзы 44 ус хацыркын ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Иаарԥшны ирымхуп 606 цыра акриптовалиута арҳара иазку амаругақәеи 120 рҟынӡа урҭ рыхәҭақәеи.  

«Иарбоу аамҭахәҭазы 44 ус рҟынтәи 14 изакәанымкәа Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра афакт ала ихацыркын.   Егьырҭ 30 ус аҩныҵҟатәи аҳазалхратә ҵакырақәа рҿы имҩаԥгаз агәаҭарақәа раан ихацыркхеит. Уск аусеилыргара аҳәаахәҭара ала атранспорттә прокуратура ахь идәықәҵахеит, уи уажәы Гагратәи араионтә ӡбарҭа ахь инашьҭуп. Ҩ-уск аусеилыргара аҳәаахәҭара ала аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь идәықәҵоуп. Аҩ-уск рыла аӡбарҭа административтә хараԥса аршәареи аконфискациа амҩаԥгареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Оҭар Хьециа.

16 ус рыла Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә усеилыргареи рыҟәша ала административтә усеилыргара мҩаԥысуеит. Урҭ рахьынтә ԥшь-уск ахыркәшарахь инеихьеит.

15 ус рыла административтә хараԥса дыршәоуп. Уи азеиԥш еицҵалыҵ  435 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Ф-уск рыла аӡбамҭа рыдыркылахьеит, ишьақәыргылоу аҽҳәара иҭагӡаны административтә хараԥса дыршәара ахылаԥшра аҭара мҩаԥысуеит.

Аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура ахь инашьҭуп ԥшь-зыӡбак. Уи инақәыршәаны идыршәахо ахараԥса азеиԥш еицҵалыҵ 690 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба еизаз адырра риҭеит афымцамч ахархәара азы ашәатәқәа реизгара аҩаӡара ҳазҭоу ашықәс аамзы рыла 48,6% рҟынӡа ишынаӡаз.  

Аиуристтә хаҿқәа рыла аизгаралшара 74,4% рҟынӡа инаӡеит, хазхаҭалатәи ахаҿқәа рыла - 31,4%. 

«Ашықәс алагамҭазы акатегориақәа зегьы ирыҵанакуа абонентцәа рыла ари арбага 24% рҟынӡа инаӡон», — ҳәа иҳәеит Баҭал Мышәба.

Аминистр иҟаиҵаз адыррақәа рыла, нанҳәамзазы ишьақәыргылан 327 рҟынӡа афымцаԥхьаӡагақәа.  

«214 цыра априборқәа шьақәыргылан ауадарацәа змоу аҩнеихаглақәа рҿы, 113 – Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу ахатәы нхарҭақәа рҿы», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Баҭал Мышәба.

Уи иазгәеиҭеит иарбоу афымцаԥхьаӡагақәа уаанӡа иҟаз ишреиԥшым. Уажәы урҭ раԥхьа агәаҭара иахысуеит, урҭ ртехникатә рбагақәа еиҳа еиӷьуп.

Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба иажәақәа рыла, уажәы есыҽнытәи афымца ахархәара атәылаҿы  4-4,5 млн кВт⋅с рҟынӡа инаӡоит.

«Ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы жәеиза мшы рыла, иҳаҩсыз ашықәс азы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ахархәара 8 млн кВт⋅с рыла еиҵоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Баҭал Мышәба.

Аԥыза-министр, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза инаркны игәаҭан 581 обиект, араҟа иԥшаан 456 цыра амаининг аппаратқәа ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Иаарԥшыз рҟынтәи зегь реиҳа идууз, 53 цыра аппарат рыла ишьақәгылаз аферма ауп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы шамахамзар хыԥхьаӡара рацәала аппаратқәа рыла ишьақәгылоу афермақәа ҳԥыхьашәаӡом. Аиашазы, аҭагылазаашьа еиҳа ишҭышәынтәалаз умбар залшаӡом», – ҳәа иҳәеит Роберт Ктьиут.

Аԥыза-министр Владимир Делба зегьы ирыцку  – ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа излауа ала афымцамч адефицит рмаҷны ахысра ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит изакәанымкәа афымцацәаҳәақәа рҽаҿаԥшьра аҿагылара аус аҿы аҳәоуеиқәшәарала аусеицура акырӡа шаанаго.

«Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада Ҭемыр Џьынџьал, ашықәс алагара инаркны Аԥсны иҳаҩсыз ашықәс азы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы аасҭа 61 млн кВт рыла еиҵаны афымцамч ахы иаанархәит ҳәа иазгәеиҭеит.

Нанҳәамза инаркны Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аахәара иалагеит, Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы аҩаӡара иҳаҩсыз 2024-тәи ашықәс азы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы аасҭа 47 метр рыла еиҳауп.

«Уи аиҳарак иааҳакәыршаны иҟоу аҳауа  аԥхарра, амш зеиԥшрахо ауп изыдҳәалахо. Аха ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа азы абжьарастатистикатә рбага ааҳгозар, сара сгәаанагарала, адефицит ҟалоит, аха уи иҳаҩсыз ашықәс азы еиԥшҵәҟьа идухаӡом», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Џьынџьал.

Астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи ахылаԥшразы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа, амаининг арҳара иазку амаругақәа раарԥшразы ареидтә усмҩаԥгатәқәа, аппаратқәа рыхьчареи аматериалқәа аӡбарҭахь рдәықәҵареи рыла ишьақәгылоу асистематә усура мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеҭеит.  

«Цәыббрамза 10, 2025 шықәсазы иҟоу аҭагылазаашьала иаарԥшуп  259 цыра акриптовалиута арҳара иазку амаругақәа. Сынтәа иаарԥшыз амаругақәа зегьы аамҭала аҵәахразы Аҳәынҭстандарт иатәу ашьҭаҵарҭа ахь инаган  13 материал аӡбарҭахь инашьҭуп, жә-материалк  адәықәҵаразы еиқәдыршәоит. Аӡбарҭа азыӡбала  иахьазы изтәыз ирымырххьеит  136 цыра амаругақәа», - ҳәа еиҭеиҳәеит Нарсоу Сангәлиа.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Баҭал Аиба гәахәарыла иазгәеиҭеит афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара апроцент маҷ-маҷ аизҳара ишаҿу, амаининг азы амаругақәа изакәанымкәа афымцаҳақәа раҽаҿаԥшьра аҿагылара иазку аусура еиҳа аеффективра аланы ишыҟалаз.  

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рыла ҳазҭоу ашықәс алагара инаркны иԥшааны ирымырхит акриптовалиута арҳара иазку 325 цыра аппаратқәа.

«Иарбоу ахырхарҭала аусура аанаҳкылаӡом», -ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алхас Чычба.

1895 инарзынаԥшуа аобиектқәа ргәаҭара мҩаԥыргеит Аҟәатәи Афымцатә Станциа аусзуҩцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: 1620 ахатәы ҩнқәеи 152 – ауадарацәа змоу аҩнеихагылақәа.

Аҟәатәи Афымцатә Станциа анџьныр хада Алеқсеи Строчан иаарԥшхеит 132 азинеилагарақәа ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Аиҳарак аилагарақәас иҟоу  – уи афымцацәаҳәа аҽаҿаԥшьразы иахәҭоу атехникатә ҭагылазаашьақәа рыҟамзаара, иара убас имҵаа-имԥшаа афымцацәаҳәа аҽаҿаԥшьра. Ҳара уажәы Турбаза аҳаблахь ҳаиасит, араҟа мчыбжьык рахь знык ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит», –ҳәа иҳәеит Алеқсеи Строчан.

Владимир Делба, аилатәара аихшьаалақәа ҟаҵо, еизаз иргәалаиршәеит Аҳәынҭқарра Ахада жьҭаарамза 1, 2025 шықәсанӡа ирҿыцу ахыҵхырҭақәа рҟынтәи афымцамч аҭыжьразы Аԥсны иҭыжьым, атәылахь алагараан ашәахтәқәҵара аҟынтәи зхы иақәиҭхо амаругақәа рсиа аиқәыршәаразы иҟаиҵаз адҵа атәы.  

«Ҳара иаци иахьеи иарбоу апозициақәа рзы, ахәҭакахьала, амра амчхара еизызго апанельқәа, аԥшагенераторқәа, урҭ рыԥсахгахәҭақәа рыла ажәалагалақәа реиқәыршәара ҳаҿын… Арҭ азҵаарақәа акыр ахшыҩзышьҭра аҭатәуп. Ари даара хра злоу аԥшьгароуп... Ҳара алшара аԥаҳҵоит, абизнес азгьы уахь иналаҵаны, афымцамч аҭыжьра иадҳәалоу апроцесс алахәхаразы», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.

Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, иӡбатәны иҟоу аусқәа шырацәоу. «Даара сақәгәыӷуеит, ҳара зегьы ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны ареспубликатә штаб аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны еиԥш, аҭыԥқәа рҿы – раионцыԥхьаӡеи қалақьцыԥхьаӡеи рҿы аусеицура шеиҿаҳкаауа», – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит атәыла аԥыза-министр Владимир Делба.

 

 

 

 


Read 37 times