Print this page
11.Жьҭаара.2022

ИААИУА АМЧЫБЖЬ АЗЫ АԤСНЫ АСЕЗОНТӘ ГРИПП ЧЫМАЗАРА АҞЫНТӘИ АЛАҴА АҞАҴАРА ИАЛАГОИТ. АБХ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны асезонтә грипп чымазара аҟынтәи алаҵа аҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Агәабзиарахьчара Аминистрра иамоуп агрипп чымазара апрофилактика иазку х-нызықь доза рҟынӡа инаӡо алаҵа «ВаксигрипТетра».

 

Алаҵа ахәыҷқәа рзы еиԥш адуқәагьы ирызкуп. Алаҵа араионтә хәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада иҟауҵар алшоит.


Read 438 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 14:50