Print this page
вчера 19:17

Иури Воронов иҳаҭгәын аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 11 рзы  30 шықәса ҵит еицырдыруаз аҵарауаҩ-кавказдырҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиаҭратә қәаԥара аԥызацәа иреиуаз, иналукааша аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәи аусзуҩ, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Иури Николи-иԥа Воронов (08.05.1941 – 11.09.1995).

Иу.Н.Воронов ҳаҭырла дыргәаладыршәарц, Аҳәынҭқарратә музеи аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы иҟоу аҵарауаҩ иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭарҵар иааит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба,  Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба,Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аҵарауаҩ иуацәеи иҭынхацәеи иҩызцәеи, аус ицызуази Иу.Н.Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 аҵаҩцәеи.

«Иури Николаи-иԥа Воронов акыр иуадаҩыз, аха хьӡи-ԥшеи зцыз аԥсҭазааратә мҩа данысит. Ахә ашьара уадаҩуп уи ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы инаигӡаз ароль. Иара Аԥсны аҳәынҭқарратәи ауаажәхларратә аусзуҩ адагьы адунеи зегьы зыхьӡ наҩхьаз иналукааша аҵарауаҩын», – ҳәа Иу.Воронов иҳаҭгәын аҿы ашәҭшьыҵәрақәа анықәиҵа ашьҭахь иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.  

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ аҵарауаҩ иҭаацәа агәабзиареи ашықәснҵыра дууи рзеиӷьаишьеит.  

«Иури Николаи-иԥа игәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит. Уи иқьиаз, илашаз, ҳара иахьа хьыԥшым, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарраҿы ҳанхаларц азы акырӡа зылшаз уаҩын», - ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Бигәаа.

Иу.Н. Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 аҵаҩцәааҵарауаҩ иԥсҭазаара аепизодқәа ртәы еиҭарҳәеит, иара убас иара изку ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.


Read 67 times