Print this page
11.Жьҭаара.2022

ИНАЛ АРӠЫНБА ОЛЕГ БОЦИЕВ ДИДИКЫЛЕИТ. АБХ.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 11,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев дидикылеит.  

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш аҩганк рзы аинтересс зҵоу азҵаарақәа жәпакы рыла агәаанагарақәа реимадара.

Инал Арӡынбеи Олег Боциеви аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи иазкны хра злоу аусура ацҵаразы агәыӷра аадырԥшит.


Read 474 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 14:43