Print this page
вчера 5:11

Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аусзуҩцәа анаркотикатәи арҩашьыгатәи амаҭәашьарқәа рхархәаразы агәаҭара иахысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла Ахада Бадра Гәынба инапынҵала Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи анаркотикатәи арҩашьыгатәи амаҭәашьарқәа рхархәаразы ргәаҭара мҩаԥган.

Агәаҭарақәа раан амаҭәашьар зыдкыло аарԥшхар, урҭ русурахь ахынҳәра азин рымамкәа рмаҵура иалцахоит.

Агәаҭарақәа мҩаԥыргеит аҳәынҭқарратә наркодиспансер аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аҟәшақәа руак аҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.


Read 44 times