Аԥсны аҵара аминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамҩа иҟалҵаз адыррақәа рыла, иарбоу арҵагашәҟәы апробациа мҩаԥысуеит аҵара Аминистрра ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу Б.У.Шьынқәба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №1 аҿы.
«Арҵаҩцәа ари арҵага шәҟәы ала аус руеит, нас доусы ргәаанагарақәа рҳәоит, разгәаҭарақәа ҟарҵоит. Убри ашьҭахь, иааиуа аҵарашықәс азы, ҳара арҭ арҵагашәҟәқәа ареспублика ашколқәа зегьы рахь идәықәаҳҵоит», — ҳәа еиҭалҳәеит лара.
Арҵагашәҟәқәа ҭыжьын Ҭырқәтәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи Увых Џьанкат Аитеки рыцхыраарала.