Print this page
вчера 23:40

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәаҵа (ВДНХ) адиректор хадеи Аԥсны апавильон аиҭашьақәыргылара ахыркәшара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Москва ақалақь аҿы Ареспублика Аԥсны Жәларбжьаратәи Акультура-усуратә Центр Афонд ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы, адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәаҵа (ВДНХ) адиректор хада Сергеи Шогурови аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит. Аиԥылараҿы урҭ Аԥсны апавильон аиҭашьақәыргылара ахыркәшара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

 Адиректор хада ихаҭыԥуаҩцәеи аҟәшақәа рнаԥхгаҩцәеи злахәыз аиԥылараҿы Аԥсны апавильон аиҭашьақәыргылара ахыркәшареи уи ашьҭахь ахархәаратә ҭакԥхықәра аԥсуа ган ахь аиагареи ирызку азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аганқәа АА ЖәАУЦ атехникатә хылаԥшратә гәыԥ иаднагало аԥыжәаратә ҭыԥ аанызкыло азҵаарақәа ирылацәажәеит, урҭ рыӡбаразы аамҭақәагьы алыркааит.

Аԥсуа ган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит АА ЖәАУЦ анагӡаратә напхгаҩы Олег Лакобеи атехникатә хылаԥшра агәыԥ анапхгаҩы Сергеи Баженови.

 

 


Read 33 times