Print this page
09.Цәыббра.2025

Аԥсныҟа иааит урыстәылатәи аҳақьымцәа аҩбатәи агәыԥ.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара Аминистррақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареспублика ахь иааит урыстәылатәи аҳақьымцәа аҩбатәи агәыԥ.

Урыстәылатәи аҳақьымцәа акурорттә аамҭахәҭа нҵәаанӡа аԥснытәи рколлегацәа ирыцхраалоит.

Агәыԥ зынӡа 22-ҩык аҳақьымцәа алахәуп: анестезиологцәа-ареаниматорцәа, атравматолог-хирургцәа, атерапевтцәа, акардиологцәа, апедиатрцәа уҳәа егьырҭ аспециалистцәа.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иҟаиҵаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

«Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра есышықәса акурорттә аамҭаан ҳмедицинатә усбарҭақәа рахь аҳақьымцәа аанашьҭуеит, уи аҭыԥантәи ауааԥсыреи ареспублика асасцәеи еиҳа зхаҭабзиара ҳараку, изаамҭанытәиу ацхыраара рыҭара алнаршоит», — ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны агәабзиархьчара аминистр Едуард Быҭәба.

 


Read 58 times