Print this page
вчера 20:45

Аҟәа араион аҿы қыҭақәак фымцалашарада иаанхеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны Аҟәа араион ақыҭақәак рҿы афымцамч ала аиқәыршәара еиԥҟьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит араион Ахадара апресс-маҵзура.

 Лашарада иаанханы иҟоуп Ӡыгәҭеи Иашҭхәеи ақыҭақәа. Аспециалистцәа апроблемақәа рықәгаразы аҭыԥ ахь амҩа иқәлахьеит.

Аенергетикцәа ражәақәа рыла, афымцамч ала аиқәыршәара еиҭашьақәыргылахоит сааҭки-ҩ-сааҭки рыла. Афымцазҟазацәа атрансформаторқәа рҿы ацәыхьчагақәа рыԥсахраны иҟоуп.  


Read 79 times