Print this page
11.Жьҭаара.2022

АБИУЏЬЕТИ АКРЕДИТТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ АШӘАХТӘҚӘЕИ АФИНАНСҚӘЕИ РЗЫ АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАҞНЫ ИҞОУ АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ ЛАППАРАТ АНЫХТӘҚӘА РХАРЏЬЫНҴА ААИГӘА ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУ АПАРЛАМЕНТ АСЕССИА АИЛАТӘАРАҞНЫ АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРАЗЫ

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахьа, жьҭаарамза 10 рзы Апарламент аҟны имҩаԥысит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара.  Уи мҩаԥигон аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь. Аилак аилатәара лхы алалырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл.

Ишьақәырӷәӷәоу аилатәара амшхәаԥштә инақәыршәаны, адепутатцәа иахәаԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу лаппарат 2023 шықәсазтәи аныхтәқәа рхарџьынҵа, ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент асессиа аилатәараҟны ашьақәырӷәӷәаразы Апарламент абжьгаразы азыӡбагьы шьҭыхын.

 


Read 404 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 13:29