Аминистр ареспублика ашьха иаԥну араионқәа рахь атуристцәа ринтерес еиҳа-еиҳа ишызҳауа азгәеиҭеит.
«Аиашазы, иазгәауҭар ахәҭоуп иарбоу аҭыԥқәа рҿы ҳара асасдкылара аобиектқәа шҳамам. Иҟоу аҭагылазаашьа алҵразы ицхыраагӡаны иҟалар ауеит адунеи зегьы аҿы ипопулиару аглемпингқәа рыргылара», - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Логәуа.
«Акырӡа аҵанакуеит аргылара апроект иҟоу астандартқәа ирықәшәо аҟаҵара: ирласны, ахаҭабзиара бзианы, ахарџь ирласны архынҳәра алшо. Иарбоу аус знапы алызкырц зҭаху ауаа рҟынтәи иԥшӡоу алокациақәеи аинтерес зҵоу ажәалагалақәеи ҳарзыԥшуп… Мҩамш, хымԥада шәхы алашәырхә, шәхи шәылшарақәеи ԥышәшәа, иҟалап иахьа абра иҳалатәазар Аԥсны аҭеиҭыԥш зыԥсахраны иҟоу ауаа», - ҳәа инаҵшьны иазгәеҭеит иара.
Ареспубликатә Аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» адиректор хада, апроект «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» акоординатор Роберт Џьопуа, иҿыцу апроект алахәхара аԥышәа змоу ажурналистцәа рнаҩс асоциалтә ҳақәа рҿы зхатә контент амҩаԥгара абзиабаҩцәагьы, ҿыц аусура иалаго аблогерцәагьы рзы рықалақьи рраиони аӡыргареи уи иазку аинформациа аларҵәареи рзы акыр аинтерес аҵоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Сара исҭахуп ас еиԥш иҟоу ауаа излауа ала рхыԥхьаӡара рацәахарц. Раԥхьа иргыланы аҿар рахь схы рханы исҳәоит – амассатә информациа ахархәагақәа џьара акала шәрыдҳәаламзаргьы, аконкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны аҽазыҟаҵара ахысра даара аинтерес аҵазаауеит, уи хра злоу усны иҟалоит шәара шәзы. Иаагозар, иахьа авиртуалтә лабҿабара адагьы, абжьааԥнытәи аԥсҭазаара зыда ухаҿы иузаамго иԥсабаратәым аинтеллект азы асеминарқәа ҟалоит», - ҳәа иазгәеҭеит Роберт Џьопуа.
Апрезентациа ашьҭахь игәаанагара иҳәеит Ҭемыр Ԥачлиа – Очамчыра араион Ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы: «Иахьа иҳадгалаз апроектқәа – ановатортә ҟазшьа рымоуп, урҭ аҿар зеиԥшыҟам алшарақәа рзаԥнаҵоит, иара аҿар рыдагьы агьырҭ ақәратә категориақәа ирыҵанакуа ауааԥсырагьы… Сара агәра ганы сыҟоуп, очамчыраа ишақәҿырҭуа, иагьшалахәхо арҭ аконкурсқәа».