Print this page
05.Цәыббра.2025

Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи иазоужьуп 3 млн. мааҭ.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахықәкытә программа «2025 шықәсазы Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма»  шықәсырацәа изызҳауа абаҳчатә ҵиаақәа реиҭаҳара азԥхьагәанаҭоит. Аҟәа араион Ахадара апрограмма анагӡара иазоунажьит 3 млн. мааҭ.  

Актәи аетап аҿы апрограмма алахәылацәа алкаахоит. Араион Ахадараҿы иаԥҵоуп акомиссиа, уи жьҭаарамзазы апретендентцәа рҟынтәи иалаҵаз азыҳәамҭақәеи арҳаҳалқәеи аусшәҟәқәеи иахәаԥшраны иҟоуп. Шықәсырацәа изызҳауа аҵиаақәа реиҭаҳаразы арзаҳалқәа жәаба аларҵеит араион аҿы инхо, ҩба – абҳәаҵлақәа реиҭаҳаразы, егьырҭ ацитрустә шәырқәа рзы. Азыҳәамҭақәа рыдкылара хыркәшахеит нанҳәамзазы.

Аҩбатәи аетап иазԥхьагәанаҭоит аусмҩаԥгатәқәа рфинансыркра.  Афинансыркра иахыҵхырҭаны иҟоуп араион ақыҭанхамҩа 2025 шықәсазы аҿиаразы иазԥхьагәаҭоу абиуџьеттә хархәагақәа.

Апрограмма ихадоу ахықәкқәеи ахыдҵақәеи: аҭыԥантәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҩныҵҟатәи аџьармыкьа аҿы аконкурентлшара ашьҭыхра, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхра ацҵара, ақыҭауаа усурала реиқәыршәара азҵаара аӡбара, ақыҭатә ҵакырақәа рырҿиара.

Аҟәа араион Ахадара 2021 шықәса раахыс ари апрограмма нанагӡоит. Иҳаҩсыз ашықәс азы иақәшаҳаҭхеит азыҳәамҭақәа хәба, зегьы рынагӡара алыршахеит, урҭ рахьынтә ԥшьба  – ацитрусттә шәырқәа реиҭаҳара иазкын, акы – аголубика ҳәа изышьҭоу аргәыц.

Апрограмма алахәхаразы апретендент, Аҟәа араион аҿы дынхозароуп. Уи Аҟәа араион Ахадарахь акомиссиа ала ишьақәыргылору аҽҳәара иҭагӡаны шәҟәыла еиқәыршәоу арзаҳал алеиҵоит. Шықәсырацәа изызҳауа аҵиаақәа реиҭаҳара азы аусшәҟәқәа аԥхын акәын ианалаҵатәыз.

Араион Ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Инал Хәарҵкьиа иажәақәа рыла, араион анапхгара иарбоу апрограмма ҳаԥхьаҟагьы анагӡара азԥхьагәанаҭоит.


Read 74 times